Аекономика аминистрра ишаанацҳаз, Адунеитә банк 2023 шықәсатәи алогистикатә индекс аҿы Қырҭтәыла апозициа 40 ҭыԥ рыла еиӷьхеит
Қырҭтәыла Аекономика аминистрра ишаанацҳаз, Адунеитә банк 2023 шықәсатәи алогистикатә индекс (Logistics Performance Index-LPI) аҿы Қырҭтәыла апозициа 40 ҭыԥ рыла еиӷьхеит.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, алогистикатә индекс аиӷьтәра жәларбжьаратәи ахәаахәҭреи аидаратә аиагарақәеи рхырхархҭала, Қырҭтәыла атранзиттә-логистикатә роль арӷәӷәара ауп иаанаго.
„2023 шықәсатәи аиндекс аҿы ҳтәыла 119-тәи аҭыԥ аҟынтә, 79-тәи аҭыԥ ахь иасит. Апандемиа амзызла, 2018 шықәса рышьҭахь аиндекс акьыԥхь амамызт. 2023 шықәсатәи алогистикатә индекс (Logistics Performance Index-LPI) инақәыршәаны, Қырҭтәыла 2.7 балл амоуп.
Logistics Performance Index (LPI) индекс аиӷьтәра Қырҭтәыла атранзиттә-логистикатә роль арӷәӷәара ауп иаанаго”, – иануп аинформациа аҿы.