Аӡбаҩцәа рконференциаҿ Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилак даҽа ҩыџьа алахәылацәа шьақәдырҕәҕәеит - Леван Мурусиӡеи Дырмит Ҕвритишвилии
Аӡбаҩцәа рконференциаҿ Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилак даҽа ҩыџьа алахәылацәа шьақәдырҕәҕәеит – Леван Мурусиӡеи Дырмит Гвритишвилии.
Дырмит Ҕвритишвили икандидатура аӡбаҩцәа иқәдыргылеит, Леван Мурусиӡе ихаҭа икандидатура иқәиргылеит.
Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилакаҿ 2 ҭыҧк ҭацәхеит Ахеилак алахәылацәа — Гоча Абусериӡеи Гьаргь Гогинашвилии рнапынҵақәа анышьҭарҵа ашьҭахь.
Аконференциа алахәылацәа аӡбаҩцәа алырхуеит ҧшьышықәса аҿҳәара рыҭаны.