Аӡбаҩ Гьаргь Арвелаӡе Саакашвили ихьырхәра ахырҧара аус иаҧишьит Самхарули ихьӡ зху Амилаҭтә биуро аекспертиза аихшьаала
Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы Михаил Саакашвили ихьырхәра ахырҧара азҵаара иахәаҧшуеит. Ишдыру ала, Аӡбаҩ Гьаргь Арвелаӡе Саакашвили ихьырхәра ахырҧара аус иаҧишьит Самхарули ихьӡ зху Амилаҭтә биуро аекспертиза аихшьаала.
Зыӡбахәы ҳәоу аекспертиза мҩаҧган Аиустициа аминистрра аҳәарала, аекспертиза инақәыршәаны, ацентр «Емпатиаҿ» Саакашвили изықәдыргылаз адиагноз ииашам.
Саакашвили идукатцәа ари аус Амилаҭтә биуро аекспертиза аихшьаала аҧшьра иақәшаҳаҭымызт. Дара ишырҳәаз ала, аӡбаҩ уи азыҳәан амзызқәа имамызт.
Аӡбаҩ Гьаргь Арвелаӡе ишиҳәаз ала, Аиустициа аминистрра зыӡбахәы ҳәоу аекспертиза амҩаҧгара аҳәаразы азакәантә зинмчқәа зегьы аман.