Аӡбара Џьуаншер Бурҷулаӡе аҭакра иқәнаҵеит
Аӡбара Џьуаншер Бурҷулаӡе аҭакра иқәнаҵеит

Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа Қырҭтәыла Атәылахьчара ҧасатәи аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе аҭакра иқәнаҵеит.

Аӡбаратә процесс аҿы дыҟн ихаҭа Џьуаншер Бурҷулаӡе, аха уи ихарадырҵо дақәшаҳаҭым.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара маҵзура аусуҩцәа Қырҭтәыла Атәылахьчара ҧасатәи аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе цәыббра 11 рзы дааныркылеит.

Қырҭтәыла Атәылахьчара ҧасатәи аминистр аполитикатә маҵзураҭыԥ аанызкыло ахаҿы ила амаҵзураҭыҧ цәгьашақә ахархәареи закәандарала ирҳаз аҧара рацәа алегализациеи ихарадырҵоит.

АшәМ аинформациала, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара маҵзура Антикоррупциатә агентра имҩаԥнагаз  аусԥшаара аан ишеилкаахаз ала,  2023 шықәсазы усҟантәи Атәылахьчара аминистр амаҵзураҭыҧ цәгьашақә изы иаирхәан, иуацәа рыцхыраарала закәандарала ирҳаз аҧара рацәа алегализациа илшеит.  Аиқәшаҳаҭра ԥаршеиқәа рыбжьаҵаны, арратә хәышәтәырҭазы 2 606 272 лари иаԥсаз аппарат 3 940 000 лари ҳәа иаархәеит. Ари амзызла Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра  1 333 728 лари иаҟароу азарал абеит.