Аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны, Мамука Хазараӡеи, Бадри Џьаԥариӡеи Авҭандил Ҵереҭелии ахара рыдуп ҳәа ԥхьаӡоуп, аха аус ажәытәра иазыԥхьагәаҭаны, урҭ абахҭа иҭаркуам
Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭаҿ Мамука Хазараӡеи, Бадри Џьаԥариӡеи Авҭандил Ҵереҭелии рус азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аӡбаҩ иҟаиҵаз аҳәамҭала, Мамука Хазараӡеи, Бадри Џьаԥариӡеи Авҭандил Ҵереҭелии ахара рыдуп ҳәа ԥхьаӡоуп, аха аус ажәытәра иазыԥхьагәаҭаны, урҭ абахҭа иҭаркуам.
Мaмукa Хaзaрaӡеи Бaдри Џьaҧaриӡеи aхaрa рықәырҵеит ҧхынгәы 24 рзы. Урҭ ирхaрaрҵоит изaкәaнымкәa 16644000 aмерикaтәи aдоллaр изaкәaным aқьaр aлегaлизaциa.