Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Китаи аҟны авизадатә режим иазку аинформациа аланарҵәеит
2024 шықәса лаҵара 28 рзы амч аиуит аординартә тәылауаҩшәҟәқәа змоу атәылауаа рзы Қырҭтәылеи Китаитәи жәлартә республикеи рыбжьара авизадатә режим.
Китаитәи жәлартә республика аиҳабыреи Қырҭтәыла аиҳабыреи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иннақәыршәаны, Қырҭтәыла атәылауаҩшәҟәқәа змоу Қыртәыла атәылауаа, 2024 шықәса лаҵара 28 инаркны, Китаитәи ареспублика алалара, алҵра, мамзаргьы, Китаитәи ареспублика транзитла алсразы авиза агара рҭаххом. Аха, Китаитәи ареспублика алалара цыҧхьаӡа аҿҳәара 30 мшы иреиҳамзароуп, насгьы, Қырҭтәыла атәылауаа 180 мшы рыҩныҵҟала Китаи иҟазар рылшоит 90 мшы.
Китаи аҭаара зҭаху атәылауаа ирымазароуп: атәылауаҩшәҟәы, асасааирҭаҿ аномер амазаара шьақәзырӷәӷәо адокумент, атуристтә ԥгаԥса.
2024 шықәса мшаԥы 10 рзы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии Китаи ацҳаражәҳәаҩ Чжоу Цзиани аофициалла рнапы аҵарҩит Қырҭтәыла атәылауаа рзы Китаи аҟны авизадатә режим иазку аиқәшаҳаҭра.
Қырҭтәыла Китаи атәылауаа авизадатә режим рзышьақәнаргылеит 2023 шықәса цәыббра 11 рзы.