Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Иаку аҳәынҭқарра ҕәҕәаҿы ҭынч аицынхареи ашәҭыкакаҷреи азы мҩазаҵәык ауп иҟоу - адеоккупациеи аинаалареи
Қырҭтәыла Адәныҟатиә аусқәа рминистрра Аҟәа акаҳара амш инарны 29 шықәса аҵра инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит, уаҟа иаҵшьны иазгәаҭоуп аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара альтернатива шамам.
«2022 шықәса цәыббра 27 рзы Аҟәа акаҳара амш инарны 29 шықәса ҵит. Цәыббра 27 – ақырҭуааи аҧсуааи ирзеиҧшу арыцҳара дууп, урыстәылатәи агресси иахылҵит Қырҭтәыла иузалымхуа арегион – Аҧсны Урыстәыла ала ампыҵахалареи, жәанызқьҩыла ауаа рҭахареи, шәнызқьҩыла ауаа рыҧсадгьылаҿ ахҵәацәас рыҟалареи.
Иахьа ҳара зыҧсадгьыл акзааразы фырхаҵарыла иҭахаз арратә маҵзуҩцәеи аҭынчуааи ҳаҭырла иҳәгалаҳаршәоит, руацәа ҳрыдашшылоит.
Аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара альтернатива амам — иаку аҳәынҭқарра ҕәҕәаҿы ҭынч аицынхареи ашәҭыкакаҷреи азы мҩазаҵәык ауп иҟоу – адеоккупациеи аинаалареи», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.