Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Евроеидгыла иалоу атәылақәа рлидерцәа реихшьаалатә документ аҿы арҭбаара иаку аконтекст аҿы Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рыдгылара аӡбахә ҳәоуп
Евроеидгыла иалоу атәылақәа рлидерцәа реихшьаалатә документ аҿы арҭбаара иаку аконтекст аҿы Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рыдгылара аӡбахә ҳәоуп, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аинформациа аҿы.
Аусҳәарҭа адыррақәа рыла, адокумент аҿы иазгәаҭоуп Евроеидгыла европахь ицо амҩаҿ Қырҭтәыла адгылара шынанагӡо.
“2023 шықәса жьҭаара 26-27 рыз Бриуссель Европа ахеилак аилатәара мҩаԥган. Евроеидгыла иалоу атәылақәа рлидерцәа реихшьаалатә документ аҿы арҭбаара иаку аконтекст аҿы Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рыдгылара аӡбахә ҳәоуп. Адокумент аҿы иазгәаҭоуп Евроеидгыла европахь ицо амҩаҿ Қырҭтәыла адгылара шынанагӡо. Евроеидгыла иалоу атәылақәа рлидерцәа ах-тәылак – Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рҟны аусеицура рынагӡареи арҭ атәылақәа рҿы ареформақәа рынагӡара апроцесс аҿы ацзыраара рзаадырԥшыр иазыхиоуп”, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аинформациа аҿы.