Адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 42 310ҩык рҟынӡа
Адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 42 310ҩык рҟынӡа.
Ҭырқтәылатәи АИХқәа ринформациала, аҭыҧаҿ аус руеит 14 740ҩык аҭыҧантәии жәларбжьаратәии аиқәырхаҩцәа.
Аҧсабаратә рыцҳара азонаҿ идыргылеит 300 000 ақьалақәеи еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи инарышьҭыжь 6 000 аконтеинерқәеи.
Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан ишиҳәаз ала, шықәсык аҩныҵҟала идыргыло ахыбра ҿыцқәа 3-4 еиҳамкәа аихагылақәа рымазаауеит.