Адам Кинзингери Джерри Конноли Америка Ахаҭарнакратә палатаҿы ицәырыргеит Қырҭтәыла адгыларатә акт
Адам Кинзингери Джерри Конноли Америка Ахаҭарнакратә палатаҿы ицәырыргеит Қырҭтәыла адгыларатә акт
Қырҭтәыла аәызцәа ргәыҧ аицхантәаҩцәа, аконгрессменцәа Адам Кинзингери Джерри Конноли Америка Ахаҭарнакратә палатаҿы ицәырыргеит Қырҭтәыла адгыларатә акт.
Ахаҭарнакратә палата авеб-даҟьа ишану ала, азакәанпроект аҿы даҽазнык ишьақәырҕәҕәоуп Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло, арегион аҿы Урыстәылатәи агрессиа ишақәыӡбо.
Идокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, Урыстәыла, импыҵахалоу Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни асепаратисттә напхгара ирыдгыланы, аилаҩынтәра еиҿыркаауеит, ауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи еиларгоит. Аурыс мчқәа ампыҵахалатә цәаҳәа иаҧну аҵакырадгьыл аҿы атәылауаа рзинқәа ладырҟәоит, ахҵәацәа аҩныҟа рыхынҳәра иаҧырхагоуп. Қырҭтәыла адгыларатә акт ала даҽазнык ишьақәырҕәҕәоуп Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло, импыҵахалоу арегионқәа рҿы ауаа рзинқәа реилагаразы аҭак зыҧхықәу ахаҿқәа асанкциақәа рзышьақәдыргылоит.