Аҧсны Иреиҳаӡоу ахеилак аквотала Алхратә коллегиа иалоу Ада Маршаниа ишылҳәаз ала, лара Михаил Ҟавелашвили икадидатура дадгылом, убри аҟынтә, абжьыҭира иазку аурна абҕьыц цқьа ҭалыжьит.
«Акандидат цәгьа далшәхәит, акандидат даналшәхуаз цқьа шәазхәыцыр акәын», — илҳәеит Маршаниа.
Иахьа Қырҭтәыла апарламентаҿ, алхратә коллегиа алахәылацәа Қырҭтыла афбатәи ахада далырхуеит.
Убри аамҭазы, апарламент аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧысуеит.