Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахеит 35 нызқьҩык иреиҳаны, Сириа иҭахеит  6 нызқьҩык раҟара
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахеит 35 нызқьҩык иреиҳаны, Сириа иҭахеит  6 нызқьҩык раҟара

Адгьылҵысра  амшала Ҭырқәтәылеи Сириеи иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 41 нызқьҩык рҟынӡа.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахеит 35 нызқьҩык иреиҳаны,  ҭырқәтәылатәи ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп 13 нызқьҩык иреиҳаны атәылауаа. Ҭырқәтәыла анапхгара рҳәамҭала, аҧшааратәи аиқәырхаратә усурақәа инагӡоит.

Сириа иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит фнызқьҩык рҟынӡа. Агентра  «Реитер» ари аинформациа аланарҵәеит аҭыҧантәи АИХқәеи ЕАР аҳасабырбеи шьаҭас иҟаҵаны. ЕАР адыррала, Сириа иҭахеит жәнызқьҩык иреиҳаны.

Ҭырқәтәылеи Сириеи арбгаратә адгьылҵысра ҟалеит жәабран  6 рзы.