Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 26ҩык апациентцәа
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 26ҩык апациентцәа.
Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Аоперативтә штаб анапхгаҩы Бердиа Сиҷинава.
Инеизакны атәылаҿы акоронавирус амшала иҧсхьеит 2 893ҩык.
Иахьа Қырҭтәыла акоронавирус 1177 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 837ҩык ачымазара иалҵит.
Иацы, ажьырныҳәа 14 рзы Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәан 1357ҩык, 748ҩык ачымазара иалҵит.