Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла  акоронавирус  990 афактқәа аарҧшуп, 3265ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла  акоронавирус  990 афактқәа аарҧшуп, 3265ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит

Қырҭтәыла акоронавирус  990 афакт ҿыцқәа аарҧшауп. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр ипрессмаҵзура.

Аҵыхтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит  3265ҩык. Авирус амшала иҧсит  23ҩык апациентцәа.

Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 228 410ҩык, урҭ рҟынтә  214 992ҩык ачымазара иалҵхьеит, 2528ҩык апациентцәа иҧсит.

Аҵыхәтәантәи  24 сааҭ рыла атәылаҿы иҟаҵоуп  8 016 атестқәа.

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп  415ҩык, астационар аҿы  — 4 664ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы  — 858ҩык апациентцәа.

Ҧхынҷкәын 31 рзы Қырҭтәыла акоронавирус  1527 афактқәа аарҧшын,  1282ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.