Аҵыхәтәантәи  20 шықәса рыла раҧхьаӡа акәны, евро акурс адоллар акурс иаҟарахеит
Аҵыхәтәантәи  20 шықәса рыла раҧхьаӡа акәны, евро акурс адоллар акурс иаҟарахеит

Аҵыхәтәантәи  20 шықәса рыла раҧхьаӡа акәны, евро акурс адоллар акурс иаҟарахеит.

Агентства «Реитер» адыррала, евро акурс акаҳара аенергетикатә кризиси аилахәыра  «Европатәи ацентробанк» ала анаӡынатә хәҭа аизырҳареи иахылҵыз арецессиатә процессқәа ирыдҳәалоуп.   Арҭ апроцессқәа рымшала, европатәи аилахәырақәеи ахархәаҩцәеи дара ртәылақәа рышҟа иаларгало атауарқәеи амаҵзурақәеи рзы иаҳа ирацәаны ашәара рықәшәоит, уи аамҭазы, европатәи аекспорт ахә маҷхоит.

Еврозонаҿы аинфлиациа ду иҟоуп, рашәарамзазы уи арбага  8,6% иаҟарахеит.