Аҵыхәтәантәи 14 мш рыҩнуҵҟала Британиа иҟаз атәылақәа зегьы ртәылауаа Қырҭтәыла ианаауа хымҧада 12 мш акаранти аҿы иҟазаауеит
Британиа Ду акоронавирус аштамм ҿыц аарҧшра иадҳәланы, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, аҵыхәтәантәи 14мш рыҩнуҵҟала Британиа иҟаз атәылақәа зегьы ртәылауааи Қырҭтәыла атәылауааи Қырҭтәылаҟа ианаауа хымҧада 12мш акарантин аҿы иҟазаауеит, – иашьашәалоу аӡбара рыдыркылеит Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.
Акоординациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау аоперативтә штаб аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Бердиа Сиҷинава аилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз абрифинг аҿы ишиҳәаз ала, Британиа Ду, зтәылауаа иашьашәалоу аҳәарақәа рыла Қырҭтәылаҟа аара азин змоу, аиҳабыра рықәҵарала иҳәаақәҵоу 18 ҳәынҭқарра реиқәыҧхьаӡа уезгьы ианым, насгьы, уажәазы Британиа Дуи Қырҭтәылеи рыбжьара аҳаиртә анеиааирагьы иҟам.
„Убри аҟынтә, зыӡбахәы ҳәоу аӡбара Қырҭтәыла атәылауааи, иара убас, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыҩнуҵҟала Британиа иҟаз абизнесвизиторцәеи, насгьы, ишьақәыргылоу арегулиациақәа инрықәырәшаны Қырҭтәылаҟа аара азин змоу 18 ҳәынҭқарра ртәылауааи”, – иҳәеит Бердиа Сиҷинава.
Иара убас, уажәазы ишьақәыргылоу аҧкрақәа ҧхынҷкәын 24 инаркны рымчыдатәра алшареи, абри аҩыза аӡбара рыдыркылар ашәарҭадаратә нормақәа рыхьчареи иадҳәаланы, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа аекспертцәеи, аспециалистцәеи, аепидемиологцәеи, абизнесхаҭарнакцәеи рҟны активла аусеицура иаҿуп.
„Ҳара ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит абҵара 28 инаркны ишьақәыргылоу аҧкрақәа акоронавирус аларҵәара аласра аанкылареи аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи азы ишиашоу анырра шрымоу. Убри аҟынтә, аиҳабырагьы, хазхаҭалатәи асекторгьы, атәылауаагьы, ҳара ҳазынтәгьы абарҭ алҵшәақәа рыхьчареи ҳтәыла есымша изҭагыло ауадаҩрақәеи рзы аҭак ҳаҧхықәуп. Иааиуа амшқәа рзы, гәҽанызаара дула, ари азҵааразы аӡбара ҳадаҳкылоит”, – иҳәеит Бердиа Сиҷинава.