Аҵаақәшьқьраара | Анастасиа Метелкинеи  Лука Берулавеи Европа ачемпионцәахеит
Аҵаақәшьқьраара | Анастасиа Метелкинеи  Лука Берулавеи Европа ачемпионцәахеит

Шеффилд имҩаҧысуа аҵаақәшьқьрааразы Европа ачемпионатаҿ Қырҭтәыла амилаҭтә аизга алахәылацәа Анастасиа Метелкинеи  Лука Берулавеи аиааира ргеит.

Метелкинеи  Берулавеи актәи аҭыҧ ааныркылеит  апрограмма кьаҿ ашьҭахь, дара 2 дисциплинак рҿы зынӡа  215,76 балл роун, ахьтәы медальқәа ргеит.

Ника Егадзе  ахацәа рыгәҭа апрограмма кьаҿ аҿы актәи аҭыҧ ааникылеит, иара анеҩстәи адисциплинаҿы дықәгылоит ажьырныҳәа  17 рзы.