Абҵара 7 аепизод иадҳәаланы Михаил Саакашвили иусӡбаратә процесс еиҭалагоит абҵара 29 рзы
Абҵара 7 аепизод иадҳәаланы Михаил Саакашвили иусӡбаратә процесс еиҭалагоит абҵара 29 рзы.
«Хара, аганқәа рҟны еиқәшаҳаҭрала, анеҩстәи апроцесс арыцхә шьақәҳаргылоит. Ахьчаратә ган аилыркаарақәа рзыҟаҵан. Шәара уажәы интенсивла аус ахәаҧшра шәалагоит ҳәа, ус ауам, аӡбара ауп ари азҵаара зыӡбо, аус аҭаӡара инақәыршәаны», — илҳәеит аӡбаҩ Нино Елиешвили.
Аӡбаҩ Лиа Орқодашвили ишылҳәаз ала, адукат Беқа Басилаиа аӡбара аҕьымӡҕ аиргеит.
«Ахьымӡҕ ҳиргеит, аҧара жәгоит ҳәа ҳаиҳәеит. Апроцессқәа раан зынӡаскгьы ҽакала ихы мҩаҧигон, иахьа, ажәлар рҿаҧхьа, ҽакала дцәажәоит. Даараӡа дрыцҳасшьоит», — илҳәеит аӡбаҩ Лиа Орқодашвили.