Анхарҭатә корпусқәа рҿы ауадақәа раиура зҭаху ихҵәоу аҭаацәарақәа рырзаҳалқәа рыдкылара аҿҳәара ацҵоуп
Қарҭи, Қәҭешьи, Жәыргьыҭи, Русҭавии анхарҭатә корпусқәа рҿы ауадақәа раиура зҭаху ихҵәоу аҭаацәарақәа рырзаҳалқәа рыдкылара аҿҳәара ацҵоуп 2024 шықәса хәажәкыра 1 аҟынӡа.
Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистрра аинформациала, арзаҳалқәа рыдыркылоит Аиустициа аҩнқәа рҿы.
Ихҵәоу аҭаацәарақәа ауадақәа роуит 2025 шықәса анҵәамҭанҿа. Апроектла иазыԥхьагәаҭоуп даҽа 13 000 аҭаацәарақәа акорпус ҿыцқәа рҿы ауадақәа рыҭара“, – иануп аминистрра аинформациа аҿы.