Аамҭалатәи аинышәара ахҧатәи амш азы ҲАМАС даҽа 13ҩык атҟәацәа аунажьҭуеит
Аамҭалатәи аинышәара ахҧатәи амш азы ҲАМАС даҽа 13ҩык атҟәацәа аунажьҭуеит

Аамҭалатәи аинышәара ахҧатәи амш азы ҲАМАС даҽа 13ҩык атҟәацәа аунажьҭуеит. Ари атәы аарыцҳаит израильтәи АИХқәа. Израиль зыӡбахәы ҳәоу атҟәацәа рсиа роухьеит. Израильтәи ашәарҭадара амаҵзурақәа ари асиа гәаҭаны,  анеҩс,  атҟәацәа рҭаацәарақәа ари аинформациа рырҭоит.

АИХ адыррақәа рыла,  асиа иануп Америка атәылауаагьы.

Абҵара  25 рзы,  ҲАМАС арратә ахәҭа ахаҭарнакцәа,  Аџьар Ҟаҧшь ирырҭеит  20ҩык атҟәацәа,  урҭ рыбжьара 13ҩык израильуааи быжьҩык атәымуааи. Уи ацынхәрас,  Ихраиль 39ҩык палестинаа рхы ақәиҭыртәит, урҭ рҟынтә фҩык иҳәсацәоуп, 33ҩык зықәра наӡам роуп.

Израили ҲАМАСи рыбжьара аҭынчратә аинышәара ҧшьымш инагӡахоит. Ари аамҭа иалагӡаны,  50ҩык атҟәацәа иоурыжьҭуеит, иара убас, 150ҩык палестинаа израильтәи абахҭа иҭыҵуеит. Иара убас, аинышәара аҭагылазаашьақәа инрықәыршәаны,  израильтәи авиациа, есымша ф-сааҭк рыҩныҵҟа, Ҕаза асектор аҳаиртә қәыҧшылара иалалом, насгьы, ҧшьымш рыҩныҵҟа,  есымша Ҕаза асекторахь инарышьҭуеит агуманитартә цхыраара мҩанызго  200 машьынақәеи абылтәы назго 4 аидарамҩангагаки.