Аԥхынтәи асезон азы Қырҭтәылеи Европа атәылақәеи рыбжьара 2500 рҟныӡа ареисқәа нагӡахоит
Атәылауаҩратә авиациа агентра аинформациа ала, сынтәатәи аԥхынтәи анавигциатә сезон активтә фазаҿ 13600 реис иагӡахоит.
Рашәара-жьҭааразы зегь реиҳа ирацәаны – 2480 ареисқәа Европа ахырхарҭала нагӡахоит. 2024 шықәса рашәара-жьҭааразы Қырҭтәылеи Гальфтәи атәылақәеи рыбжьара инагӡоит 2255 ареисқәа.
Аԥхынтәи асезон азы Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара инагӡоит 1761 ареисқәа. Атәылауаҩратә авиациа агентра аинформациа ала, сынтәатәи аԥхынтәи анавигциатә сезон активтә фазаҿ 13600 реис иагӡахоит.
Авиациатә џьармыкьаҿ сынтәа ицәырҵит нидерландтәи лоуқосҭ Transavia, авиаеилахәыра ареисқәа Қарҭи Амстердами рыбжьара нанагӡоит. Иара убас, кыршықәсатәи ааҭгылара ала, Қырҭтәылатәи аџьармыкьашҟа ихынҳәит австриатәи авиаеилахәыра Austrian Airlines (Вена-Қарҭ-Вена). Ареисқәа рынагӡара иалагеит ҭырқәтәылатәи AJET.
2024 шықәса ажьырныҳәа-мшаԥы азы Қырҭтәыла аҳаирбаӷәазақәа рыдыркылеит 1 946 881-ҩык апассаџьырцәа.