Аԥсабара амилаҭтә агентра аинформациа ала, нанҳәа 19-нӡа Қырҭтәыла даара ишоурахоит.
Агентра аҟынтә ишаарыцҳаз, атәыла араионқәак рҿы аԥша аслоит, иҳаракхоит абнабылра ацәырҵра ашәарҭа.
“Нанҳәа 19-нӡа Қырҭтәыла ишоурахоит, аҳауа аԥхарра 34-39 градус аҟынӡа ишьҭыҵуеит. Нанҳәа 15 рзы ашьхараҿ аԥша ӷәӷәа асыр ҟалоит, ари иахҟьаны иҳаракхоит абнабылра ацәырҵра ашәарҭа”, – аарыцҳаит агентра аҟынтә.