Аԥыза-министр асасааирҭақәа раҳа «Кемпински» анагӡаратә директор диԥылеит
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили асасааирҭақәа раҳа «Кемпински» анагӡаратә директор Берноль Шродер диԥылеит Германтәыла ивизит аҳәаақәа ирҭагӡны.
Аиԥылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла «Крмпински» асасааирҭақәа рыргылара алагара алшара иалацәажәан, ари ахырхарҭала наҟ-наҟ инарыгӡаша апданқәа ҳәақәырҵеит.
Аԥыза-министр ишазгәеиҭаза ала, хара имгакәа Қырҭтәыла «Кемпински» асасааирҭа аргылара дазыразуп. Аԥыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла иманшәалоу аинвестициатә алшарақәеи абизнес лагылазаареи. Иара убас, аԥыза-министр Қырҭтәыла аганрацәалатә атуристтә алшарақәа дырзааҭгылан, ишиҳәаз ала, 2022 шықәсазы атәыла иаҭааит 5.5миллион жәларбжьаратәи аҭааҩцәа, аха 2024 шықәсазы ари арбага апандемианӡа иҟаз арба еиҳахоит – 9.4 миллиард иаҟарахоит.