Аҭырқәа АИХқәа ишаарыцҳаз ала,  Владимир Зеленски Ҭырқәтәыла даҭаауеит НАТО асаммитынӡа
Аҭырқәа АИХқәа ишаарыцҳаз ала,  Владимир Зеленски Ҭырқәтәыла даҭаауеит НАТО асаммитынӡа

Аҭырқәа АИХқәа ишаарыцҳаз ала,  Владимир Зеленски Ҭырқәтәыла даҭаауеит НАТО асаммитынӡа.

Аинформациа ишану ала, Украина ахада Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан диҧылоит.

Уажәы Украина ахада визитла дыҟоуп Ҭырқәтәыла агәылара иҟоу Болгариа.

Аҭырқәа АИХқәа рдыррақәа рыла,  «арыцтә аиқәшаҳаҭра» аҿҳәара нҵәоит ҧхынгәы 17 рзы.  Арыцтә корридор арҭбаара азҵаара иадҳәаланы, Ҭырқәтәыла анапхгара, аимадара рымоуп ЕАРи, Урыстәылеи, Украинеи рофициалтә хаҿқәа рҟны.  Аибашьраан, Ҭырқәтәыла абжьацәажәарала, украинатәи урыстәылатәи адипломатцәа реиҧылара мҩаҧган, иара убас, Ҭырқәтәыла абжьацәажәарала, аганқәа атҟәацәа еиҭнырыҧсахлеит.