Аҭелтә аиҿцәажәараан Владимир Зеленски  Дональд Трамп Украинаҟа днаиҧхьеит
Аҭелтә аиҿцәажәараан Владимир Зеленски  Дональд Трамп Украинаҟа днаиҧхьеит

Аҭелтә аиҿцәажәараан  Украина ахада Владимир Зеленски Америка ахада иҭыҧаз акандидат  Дональд Трамп Украинаҟа днаиҧхьеит. Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, ари атәы ааицҳаит Украина ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Серге Никифоров.

Никифров  ишазгәеиҭаз ала, аганқәа рхаҭарнакцәа аиҧылара иақәшаҳаҭхеит, аха, арыцхәқәа макьана ирылацәажәом.

Уаанӡа,  Владимир Зеленскии Дональд Трампи ҭелла ишеицәажәаз атәы аарыцҳаит асоциалтә аҳақәа рыла.