7,3 амагнитуда амч змаз адгьылҵараан Ираки Џьамтәылеи иҭахеит 328 ҩык

13:24, 13.11.2017

7,3 амагнитуда амч змаз адгьылҵараан Ираки Џьамтәылеи иҭахеит 328 ҩык. Ахәрақәа роуит 2500 ҩык иреиҳаны. Арҭ адыррақәа аланарҵәоит аинформациатә агентра “Аль-Џьазира”.

ЕАШ агеологиатә маҵзура адыррақәа рыла, 7,3 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра, хәылбыҽхан 09:18 сҭ рзы иҟалеит.Аепицентр ирактәи Кәырдистан иахьаҵанакәа ақалақь Ҳалабџьа иазааигәан.

Зегь реиҳа ирацәаны аҧсыҭбарақәа ҟалеит Иран ақалақь Сарпол-Заҳаб аҿы.

Еиԥшу