Австралиаҿ хаҵеи хаҵеи, ҧҳәыси ҧҳәыси реибашара шаьқәдырҕәҕәеит

08:54, 15.11.2017

Австралиаҿ хаҵеи хаҵеи, ҧҳәыси ҧҳәыси реибашара шаьқәдырҕәҕәеит.  Атәылаҿ аӡьара рыдыркылеит имҩаҧысыз азеиҧш аҭҵаара инақәыршәаны.

Австралиа амилаҭтә статистика абиуро адыррақәа рыла, аҧошьҭатә аҵәҭарҧсарала аҿахәы рымырхыз ауааҧсыра 61,6% ари аӡбара иадгылеит.

Аҭҵара мҩаҧыргаанӡа, атәылаҿ ахаҵацареи аҧҳәысаагареи ирызку азакәан аҧсахрақәа ралалара иадҳәаланы кыраамҭа адебатқәа мҩаҧысуан.

Атәыла Аҧыза-министр, Малколм Тернбул иҳәамҭада, азакәан амч аиуеит ҧхынҷкәын 25 рзы. Тернбул иҳәамҭала, австралиа ауааҧсыра иадгылеит “Аиҟарареи, абзиабареи, аиашареи”.

Еиԥшу