2024 шықәса жәабран 1 азы Евроеидгыла имҩаԥнаго асаммит ҷыда аҿы Укрина 50 миллиард евро азалхра иахәаԥшуеит
2024 шықәса жәабран 1 азы Евроеидгыла имҩаԥнаго асаммит ҷыда аҿы Укрина 50 миллиард евро азалхра иахәаԥшуеит

2024 шықәса жәабран 1 азы Евроеидгыла имҩаԥнаго асаммит ҷыда аҿы Евроеидгыла алидерцәа Евроеидгыла абиуџьет иахәаԥшуеит, иқәдргыло азҵаарақәа ириуп Укрина 50 миллиард евро азалхра, – иҳәеит Европа ахеилак ахада Шарль Мишель.

Венгриа аԥыза-министр Виктор Орбан ишааицҳаз, Евроеидгыла Украина иацҵаны 50 миллиард евро азалхра азҵаара Венгриа вето ақәнаҵеит.  Европатәи ахеилак аӡбара аднакылеит  Украинеи Молдовеи ралаларазы аиҿцәажәара раартра рышьҭахь. Аӡбара анрыдыркылоз Орбан ауадаҿ дыҟаӡамызт. Венгриа аԥыза-министр Виктор Орбан шьақәирӷәӷәеит Украина алалара иазкны аиҿцәажәаларақәа раатра абжьыҭара шиҭахымыз.