2023 шықәсатәи Сахаров ипремиа Џьина Маҳса Амини џьамтәылатәи аҳәса рҵысреи "Аԥҳәыс, аԥсҭазаара, ахақәиҭра" ранашьан
2023 шықәсатәи Сахаров ипремиа Џьина Маҳса Амини џьамтәылатәи аҳәса рҵысреи "Аԥҳәыс, аԥсҭазаара, ахақәиҭра" ранашьан

2023 шықәсатәи Сахаров ипремиа Џьина Маҳса Амини џьамтәылатәи аҳәса рҵысреи “Аԥҳәыс, аԥсҭазаара, ахақәиҭра” ранашьан. Ари атәы Европарламент ахада Роберта Метсола апленартә аилатәараҿ илҳәит.

“Цәыббра 16 рзы шықәсык ҵит Џьамтәыла, 22 шықәса зхыҵуаз Џьина Маҳса Амин дыршижьҭеи. Европаламент Џьамтәыла аиҟарареи, ахьӡи, апатуи, ахақәиҭреи иазықәԥо ауаа ирыдгылоит. Аҵысра “Аԥҳәыс, аԥсҭазаара, ахақәиҭра” рыдгылара абахҭантә назыгӡо ауаа ҳрыдгылоит“, – илҳәеит Метсола.

Ҵыԥх, цәыббра 16 рзы, Џьамтәыла, 22 шықәса зхыҵуаз Џьина Маҳса Амин  ҳиџьаб ишақәнаго еиԥш илхам ҳәа дааныркылеит, аанкылара ашьҭахь аԥҳәыс ахәышәтәырҭаҿ дыԥсит. Аԥҳәыс қәыԥш лышьра амзызла аҳәса адемонстрациақәа иалагеит. Атәыла ақалақьқәа рҿы аҿагыларатә акциақәа мҩаԥган аслоган “Аԥҳәыс, аԥсҭазаара, ахақәиҭра” ала.

Европарламент апремиа анашьара ацеремониа 2023 шықәса ԥхынҷкәын 13 рзы мҩаԥгахоит.