2022 шықәсазы иҭыҵуа асериалқәа рсезон ҿыцқәа
2022 шықәсазы иҭыҵуа асериалқәа рсезон ҿыцқәа

2022 шықәсазы апремиерақәа рацәаӡаны иҭыҵуеит.

Аеифориа, II асезон (HBO, ажьырныҳәа 9)

Асериал афырԥҳәыс хада абзиабареи, ацәыӡреи, анаркотикатә маҭәашьақәеи рыбжьара аемоциатә баланс аԥшаара зҭаху 17 шықәса зхыҵа аӡӷаб лоуп. Актрисса Зендаиа лперсонаж лҩыза лыԥсҭазаара илырԥшӡоит.

“Аеифориа” актәи асехон 2019 шықәсазы иҭыҵит.

 

Бриџьертон, II асезон (Netflix, хәажәкыра 25 )

Асериал аҿы ахәаԥшцәа ирыдаргалоит Лондон 19-тәи ашәышықәсазы зеиԥшраз, “Бриџьертон” афырхацәа зыԥсҭазаара иалҵыз виктонт Бриџьертон ихшара роуп. Асериал аҿы афырхацәа рыԥсҭазаарала ахәаԥшцәа ирблоит усҟантә Лондон зеиԥшраз.

 

Сол шәизасыр еиӷьуп, VI асезон (AMC, TBD)

Асериал афбатәи асезон аҭыхра ахыԥан акоронавирус иахҟьаны. Асериал актиор хада ари ачымазара ицәа иалалан, агәы ачымазара цәгьа ихьит.Асезон ҿыц сынтә иҭыҵуеит, аха арыцхә макьана идырым.

 

Адраконқәа рыҩны (HBO, TBD)

Адраконқәа рыҩны асериас “GOT” априйвел ауп, уи “GOT” иаарԥшу ажәабжь ҟалаанӡа, 200 шықәса аԥхьа аҭыԥ змаз ахҭысқәа иаарԥшуп.

 

Ҳогвартс ахь ахынҳәра – Гарри Поттер 20 шықәсатәи ииубилеи(Sky Max, NOW)

Гарри Поттер“ актәи ифильм иҭыҵижьҭеи 20 шықәса ҵит. Ариубилеи инамаданы  адырраҭара ҷыда аус адырулоит – Ҳогвартс ахь ахынҳәра. Адыраара рхы аладырхоит Дениел Редклифи, Руперт Гринти, Емма Уотсони.

Адырраҭара апремиера аефир ахь ажьырныҳәа 1 азы иҭыҵит.