2022 шықәсазы аконсолидациатә ассигнациақәа ирызку Америкатә акт аҿы  Қырҭтәыла адгылара иазку алкаа ҟаҵоуп
2022 шықәсазы аконсолидациатә ассигнациақәа ирызку Америкатә акт аҿы  Қырҭтәыла адгылара иазку алкаа ҟаҵоуп

Америкатә Сенат  аҿы иҟоу апробациазы акомитет ицәырнагеит аконсолидациатә ассигнациақәа ирызку Америкатә акт  апроект  —   Америка 2022-тәи афискалтә ашықәс абиуџьет азакәан хада.  Иааиуа амшқәа рзы Конгресс аҿы ари адокумент азы абжьыҭира мҩаҧыргоит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла,  азакәанпроект аҿы ҧасеиш иаҵшьны иазгәаҭоуп Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

«Иара убас,  Қырҭтәыла  афинанстә цхыраара азоушьҭра  иазку алкаа ҟаҵоуп  — 132  миллион адоллар еиҳаны  (132 025 000) иныхзаауеит Қырҭтәыла аекономикатә аҿиареи,  ақәҧаралшареи ахыхьчаралшареи аизырҳареи азы.

Азакәанпроект ала аизҧхьагәаҭоуп Европеи Евразиеи атәылақәа,  Қырҭтәылагьы нрылаҵаны,   295  миллион адоллар рзоушьҭра  «Урыстәылатәи анырра аҿагылара» афонд аҳәаақәа ирҭагӡаны.

«Зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит  Америкатә Конгресс аҩ-палатак Қырҭтәыла ишадгыло,   америка-ақырҭуа астратегиатә партниорра шыҕәҕәоу», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.