2022 шықәсатәи ахәыҷтәы Евровизиаҿ аиааира игеит Франциа ахаҭарнак
2022 шықәсатәи ахәыҷтәы Евровизиаҿ аиааира игеит Франциа ахаҭарнак

2022 шықәсатәи ахәыҷтәы Евровизиаҿ аиааира игеит Франциа ахаҭарнак. Уи 203 балл иоуит.

Аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Шәамахьтәыла ахаҭарнак (180 балл).

Ақырҭуа конкурсант Мариам Бигвава 161 балл лоун, ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит. Апроект “Ранина” аиааирагаҩ иналыгӡеит Гига Кухиашиӡе иашәа I Believe / Агәра згоит.

Шәамахьтәыла аҳҭнықалақь Ереван имҩаԥысуаз ашәаҳәаратә конкурс рхы аладырхуеит 16-ҩык ашәаҳәаҩ қәыԥшцәа.

Ахәаԥшцәа ахәыҷтәы Евровизиа ашоу ишиашоу атранслиациа Қырҭтәыла Актәи аканал ала иахәаԥшуан.