2019 шықәсазы амедициназы Нобель иаԥхьахә занашьо рыхьӡ рҳәеит
2019 шықәсазы амедициназы Нобель иаԥхьахә занашьо рыхьӡ рҳәеит

2019 шықәсазы амедициназы Нобель иаԥхьахә ранашьоуп америкатәи аҵарауаа Уиллиам Келини Грег Семенцеи, британиатәи аҵарауаҩ Петер Ратклифи.

Амедициназы аԥхьахә 19-тәи ашәышықәсазы Альфред Нобель ишьаҭаиркыз аԥхьахәқәа хәба ируакуп.

Традициак аҳасабала ишышьақәгылоу еиԥш, Нобель иаԥхьахә алауреатцәа аԥхьахә рыҭара ацеремониа мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 10 рзы, иара ашьаҭаркыҩ, швециатәи анаплакҩы Альфред Нобель (1833-1896) иԥсраҽны.

Нобель ишьаҭаиркыз аԥхьахәқәа хәба рҟынтәи ԥшьба Стокгольм ирырҭоит. Аҭынчраз аԥхьахә заҭәашьоу Осло ирырҭоит.

2018 шықәсазы аԥхьахәқәа идыртәоит хаз-хазы 9-9 миллион швециатә крон (950 000 доллар).