2008 шықәса нанҳәазы иҟалаз аибашьра иалаӡыз ауааԥсыра ргәаларшәара азы, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбрақәа зегьы рҿы аҳәынҭқарратә бираҟ лашьҭуп
Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аибашьра ҟалеижьҭеи 16 шықәса аҵра инамаданы, иҭахаз ауааҧсыра раҳаҭыр аҟынтә, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбрақәа зегьы рҿы аҳәынҭқарратә бираҟ лашьҭуп, – аарыцҳаит аминистрра апрессмаҵзура аҟынтә.
2008 шықәса нанҳәазы Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аибашьраан 14-ҩык Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуҩцәеи хәҩык аҳәаахьчаратә маҵзура аусуҩцәеи ҭахеит.
“Аиҳабыра рықәҵара ала, Қырҭтәыла Аԥснытәи Цхинвалтәи арегионқәа изакәанымкәа рымпыҵахаларазы, Урыстәылатәи Афедерациа Қырҭтәыла имҩаԥнагаз зымҽхак ҭбаау арратә интервенциа иалаӡыз афырхацәа рыхьӡқәа ргәалашәаразы, аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп атәыла зехьынџьара иҟоу административтә хыбрақәеи аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә хаҭарнакрақәеи рҿы. Иара убас аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп атәыла зехьынџьара иҟоу атәылахьчаратә усҳәарҭақәа рхыбрақәеи арратәбазақәеи рҽы”, – иануп аинформациа аҿы.