2008 шықәса нанҳәазы иҟалаз аибашьра иалаӡыз ауааԥсыра ргәаларшәара азы, Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭа ахыбраҿы аҳәынҭқарратә бираҟ лашьҭуп
Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аибашьра инаркны 16 шықәса аҵра инамаданы, иҭахаз ауааҧсыра раҳаҭыр аҟынтә, Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭа ахыбраҿы аҳәынҭқарратә бираҟ лашьҭуп.
Аиҳабыра рықәҵара ала, Қырҭтәыла Аԥснытәи Цхинвалтәи арегионқәа изакәанымкәа рымпыҵахаларазы, Урыстәылатәи Афедерациа Қырҭтәыла имҩаԥнагаз зымҽхак ҭбаау арратә интервенциа иалаӡыз афырхацәа рыхьӡқәа ргәалашәаразы, аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп атәыла зехьынџьара иҟоу административтә хыбрақәеи аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә хаҭарнакрақәеи рҿы.