2007 шықәса абҵара 7 рзы аҭыҧ змаз ахҭысқәа рнаҩс 15 шықәса ҵит
2007 шықәса абҵара 7 рзы аҭыҧ змаз ахҭысқәа рнаҩс 15 шықәса ҵит

2007 шықәса абҵара 7 рзы аҭыҧ змаз ахҭысқәа рнаҩс 15 шықәса ҵит.

Михаил Саакашвили инапхгара аҧсахра аҳәарала аоппозициа имҩаҧнагоз апротесттә акциақәа 2007 шықәса абҵара 3 рзы иалагеит.  2007 шықәса абҵара 7 рзы  апарламент ахыбра аҧхьақәа асқьалақәа рырлыгара ргәы ишҭаз аоппозициа заанаҵы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Усҟан Қарҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿаҧхьа ахьымӡргаратә корридорқәа еиҿыркааит.

2007 шықәса абҵара 7 рзы имҩаҧысыз акциа аполициа хаҭарнакцәа, алаҕырӡ аазго агази, арезинатә лабақәеи, ахқәеи, акустикатә шәақьқәеи аӡи рхы иадырхәан, еидырппит, хәылбыҽхан, ателедырраҭара Имеди ахыбра азкра ҷыдақәа змоу агәыҧ хаҭарнакцәа иҩналеит. Ателедырраҭара аанкылан.

Аполитикатә кризис иаҭакны, усҟантәи ахада Михаил Саакашвили 15 мш рыҩныҵҟа аҭагылазаашьа ҷыда рылаиҳәәан, изаамҭаным апрезиденттә алхрақәа ррыцхә шьақәирҕәҕәеит.