Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили аофициалтә визитла Словакиаҟа ддәықәлеит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили аофициалтә визитла Словакиаҟа ддәықәлеит.
Атәыла ахада ипресс-маҵзура адыррақәа рыла, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Михаил Ҟавелашвили Словакиа ахада Петер Пеллегрини, Словакиа авице-аҧыза Дениса Саковои, Амилаҭтә хеилак ахантәаҩы Рихард Рашии дырҧылоит. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишиашо, иара убас, ирҭбаау аформатқәа рҿы еиҧылоит.
Ақырҭуа делегациа иалоуп адәныҟатәи аимадарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡеи, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Гьаргь Зурабишвилии, Словакиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Константин Кваҷаӡеи, ира убас, атәыла ахада иадминистрациа ахаҭарнакцәеи.
Қырҭтәыла ахада иофициалтә визит хыркәшахоит мшаҧы 3 рзы.