Аалыҵ амилаҭтә агентра аветеринартә клиникақәа рҿы зыҿҳәара ииасхьоу ахәшәқәа аанарҧшит
Аалыҵ амилаҭтә агентра Қарҭтәи адепартамент аусзуҩцәа, аҳәынҭқарратә хылаҧшра мҩаҧганы, аветеринартә клиникақәа рҿы зыҿҳәара ииасхьоу ахәшәқәа аадырҧшит.
Аалыҵ амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, игәарҭаз 20 обиектқәа рҟынтә ааба рҿы еиуеиҧшым аилагарақәа аарҧшын.
«Ахархәагақәа рстерилизациа аҧҟара аилагаразы 2 клиникак русура аанкылоуп. Иара убас, авакцинақәа рыҵәахра аҧҟарақәа реилагареи зыҿҳәара ииасхьоу ахәшәа рхархәара афактқәеи аарҧшуп. Иара уабс, аусуразы иаҭаху иашьашәалоу ареестр аҿы арегиострациа иахымсыз аклиникақәагьы иҟоуп, уи азыҳәан абизнес-операторцәа ахараҧса рықәырҵеит.
Агентра адыррақәа рыла, сынтәа даҽа 1 500 обиектқәа ргәаҭара ргәы иҭоуп.
Агентра ахаҭарнакцәа ауааҧсыра ирыҳәоит иарбанзаалак аилагарак аадырҧшыр, Аҧсабаратә лагылазаареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистрра Ацәаҳәа ҷыдала, — 1501 аномерла адырра ҟарҵарц», — иануп аинформациаҿы.