Қырҭтәыла аиҳабыра аӡбарала аолимпиатә чемпион ҳамҭас миллион лари иоуеит, араӡнытә медальқәа зго 500 000 лари анашьамҭа роуеит, аџьазтә медаль азы - 250 000 лари
Қырҭтәыла аиҳабыра аӡбарала аолимпиатә чемпион ҳамҭас миллион лари иоуеит, араӡнытә медальқәа зго 500 000 лари анашьамҭа роуеит, аџьазтә медаль азы - 250 000 лари

Ишьақәгылаз аҵас ала, Қырҭтәыла аиҳабыра аӡбарала аолимпиатә чемпион ҳамҭас миллион лари иоуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе аолимпиатә хәмаррақәа рахь ақырҭуа спортсменцәа рнаскьагара ацеремониаҿ данықәгылоз.

Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, ақырҭуа спорт, ақырҭуа спортсменцәа рыдгылара нагӡоит.

„Ахьтәы медаль зго миллион лари иоуеит, араӡнытә медальқәа зго 500 000 лари анашьамҭа роуеит, аџьазтә медаль азы – 250 000 лари.

Ақырҭуа аиҳабыра ахьӡала ажәа шәысҭар сҭахуп – ақырҭуа спорт, ақырҭуа аолмпиатә спортсменцәа, аолимпиатә гәыԥ рыдгылара наҳагӡоит, аесышықәса ари адгылара иазҳауеит. Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьар сҭахуп”, – иҳәеит Иаркли Кобахиӡе.