ЕАР ассамблеиа хада аднакылеит аиҿкаараҿ Палестина азин наӡа змоу алахәылара иазкыз арезолиуциа
ЕАР ассамблеиа хада аднакылеит аиҿкаараҿ Палестина азин наӡа змоу алахәылара иазкыз арезолиуциа

ЕАР ассамблеиа хада аднакылеит аиҿкаараҿ Палестина азин наӡа змоу алахәылара иазкыз арезолиуциа.

Арезолиуциа ЕАР ашәарҭадаратә хеилак ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Палестина алахәылара азҵаара еиҭах иахәаԥшырц.

143-ҩык адепутатцәа арезолиуциа иадгылеит, жәҩык иаҿагылеит, 25-ҩык рыҽрынкылеит.

«Палестинатәи аҳәынҭқарра ЕАР алахәылара зин амоуп», — иануп арезолиуциа аҿы.