Гамбург ультраарӷьарахьтәи мчқәеи апартиа "Альтернатива Германтәылазы" имҩаԥыргз аҿагыларатә акциа рхы аладырхәит 80-ҩык ауааԥсыра.
Гамбург ультраарӷьарахьтәи мчқәеи апартиа "Альтернатива Германтәылазы" имҩаԥыргз аҿагыларатә акциа рхы аладырхәит 80-ҩык ауааԥсыра.

Гамбург ультраарӷьарахьтәи мчқәеи апартиа “Альтернатива Германтәылазы” имҩаԥыргз аҿагыларатә акциа рхы аладырхәит 80-ҩык ауааԥсыра.

Адемонстрациа алахәылацәа арӷьаратәи аекстремизм аларҵәареи анеонацисттә каҭақәа рыҟазаареи иаҿагылеит. Адемонстрациа ихы алаирхәит Гамбург абургомистр.

Абри еиԥш акциақәа мҩаԥган Германтәыла егьырҭ ақалақьқәа рҿы, урҭ рыбжьара Иени Кили.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, “Альтернатива Германтәылазы” алахәылацәа арӷьаратәи аекстремистцәа реиԥылара рхы аладырхәит. Аиԥылраҿ атәым хылҵшьҭра змоу Германтәыла атәылауаа атәылантә мчыла рдәылцра азҵаара иқәгылан. Ари афон аҿы Германтәыла акциақәа ультраарӷьаратәи аекстремизм иаҿагыло иалагеижьҭеи мчыбжьык ҵуеит. Адемонстрантцәа дрыдгылеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц, иҳаҩсыз амчыбжь азы уи акциак далахәын.