Виктор Иушенко - Путин  аибашьраҿ даҵахахьеит, аха,  Украина макьана аиааира амгацт
Виктор Иушенко - Путин аибашьраҿ даҵахахьеит, аха, Украина макьана аиааира амгацт

«Владимир Путин  аибашьраҿ даҵахахьеит, аха,  Украина макьана аиааира амгацт

», — иҳәеит Украина ахҧатәи ахада  Виктор Иушенко  украинатәи АИХ аинтервиу анриҭоз.

«Аҵыхәтәантәи хымш рыҩныҵҟала украинатәи апартизанцәа рыбзоурала, агәыҕра ду ҳауит. Убри аҟынтә, Путин абри аибашьраҿы даҵахахьеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, аха, ҳара макьана аиааира ҳамгацт», — иҳәеит Украина ҧасатәи ахада.

Иушенко иажәақәа рыла, украинаа адунеи ӡегьы иддырбеит аибашьра шрылшо, иара Мраҭашәара ала аибашьра азныҟәашьа аҧсахреи амобилизациа дуи дақәгәыҕуеит.

Ажурналистцәа Иушенко игәаладыршәеит  2016 шықәсазы иара Украина аҵахоит ҳәа шиҳәаз.  Уажәы игәы ишҧаанаго ҳәа ианиазҵаа, Иушенко иҳәеит – «Ҳара ҳаиааиуеит».