Иракли Ҕарибашвили – Аҭынха дуи иахьатәи ҳаихьӡарақәеи агәра ҳдыргоит ҳтәыла, иҵабыргны, европатәи аҭаацәара ду алазаара ишақәнагоу
«Ҳара — адунеи аҿы зегьы раҧхьа ақьырсианра аҳәынҭқарратә религиас иазхазҵаз атәылақәа ҳреиуп. Убри инарнкы, ҳтәыла аҿиара иаҿуп аевангельтәи принципқәа рыла, абарҭ апринципқәа роуи иахьатәи Европа шьаҭас иамоу», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхагаҩы иажәақәа рыла, европатәи акультуратә аихьӡарақәа иреиуп ақырҭуа ренессансгьы, Вахтанг VI-и Сулхан-Сабеи, анеҩс, Иракли II рхааан атәылаҿы аҵареи аиндустриеи аҿиара иаҿын.
«Ҳаамҭазтәи ақырҭуа аҳәынҭқарратә хәыцшьа ашьаҭаркҩцәа — Илиа Ҷавҷаваӡеи, Нико Николаӡеи, Иване Џьавахьишвилии, егьырҭ ақырҭуа патриотцәеи роуранагӡара европатәи апринципқәеи аҧсҭазаашьеи, европатәи аинституциатә аиҿкаашьеи рышьақәырҕәҕәара иазкын. Убри абзоурала, ҳаамҭазтәи Қырҭтәыла аҭынха ду амоуп, ҳара ҳазынтәгьы, атәыла анапхгареи ауааҧсыреи, ҳхы ҳамеигӡакәа аус аауеит ари аҭынха арҕәҕәареи аҿиареи азыҳәан. Абри аҭынха дуи иахьатәи ҳаихьӡарақәеи агәра ҳдыргоит Мрагылареи Мраҭашәареи рҳәааҿы ишьҭоу, ауникалтә ҭоурыхи акультуреи,абызшәеи змоу ажәытәӡатә ҳтәыла, иҵабыргны, европатәи аҭаацәара ду алазаара ишақәнаго. Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит Ахьыҧшымра амш! Ҳаҧсадгьыл аҭынчреи, апрогресси, аидҵареи азеиҕьасшьоит. Анцәа илҧха шәыгымзааит!», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.