Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо Клер Олблем Ника Гварамиа изы аӡбара иаднакылаз ақәҵара иадҳәаланы аҳәамҭа ҟалҵеит
Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо Клер Олблем Ника Гварамиа изы аӡбара иаднакылаз ақәҵара иадҳәаланы аҳәамҭа ҟалҵеит

Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо Клер Олблем Ника Гварамиа изы аӡбара иаднакылаз ақәҵара иадҳәаланы аҳәамҭа ҟалҵеит.

««Мҭавари Архи» агенералтә директор  Ника Гварамиа ибааандаҩтәра иадҳәаланы агәынамӡара ааҳарҧшыр ҳҭахуп. Ари азҵаара аҵакы ду амоуп, избанзар, «Арепортиорцәа аҳәаақәа рыда» аҵыхәтәантәи аҳасабырбаҿы Апресса ахақәиҭра жәларбжьаратәи индекс аҿы Қырҭтәыла ареитинг каҳаит.

Британиа Ду АИХ ахақәиҭра  иадгылоит,  ауааҧсыра рхатә демократиатә зинқәа рымҩаҧгара рылшарц азыҳәан уи зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп.

Қарҭ ақалақьтә аӡбара ақәҵара инақәыршәаны,  Ника Гварамиа «Рустави-2» аус азы хышықәсеи фымзи аҭакра иақәырҵеит,  Кахабер Дамениа  50 000 лари ахараҧса иқәырҵеит, Зураб  Иашвили ддыриашеит.

https://www.facebook.com/ukingeorgia/posts/366861465471817