Европатәи ахеилак - Европатәи ахеилак "Мрагыларатә партниорра" аҳәынҭқаррақәа рхьыҧшымреи рҵакрадгьылтә акзаареи иадгылоит
Европатәи ахеилак аҿы ишырҳәаз ала, 21-тәи ашәышықәсазы аилкаара «анырра ашара» иҟамзароуп. Европа ахеилак аҳәамҭа ишану ала, Европа ашәарҭадара иузеиҟәшом, ари аганахьала ицәырҵуа иарбанызаалак ашәарҭара Евроеидгылеи уи иалахәы атәылақәеи рзы шәарҭоуп.
Европатәи ахеилак Урыстәыла агрессиатә ауранагӡра иақәыӡбан, Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит аҭагылазаашьа адеескалациеи, жәларбжьаратәи зин анормақәа рыхьчареи, аконструктивтә диалог амҩаҧгареи азы. Европатәи ахеилак аҿы ишырҳәаз ала, Урыстәыла Украина иаҿагыланы иарбанызаалак агрессиа аанарҧшыр, иахәҭоу аҭак аиуеит.
Европатәи ахеилак даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит “Мрагыларатә партниорра” аҳәынҭқаррақәа рхьыҧшымреи рҵакрадгьылтә акзаареи ишадгыло.