14-ҩык рҟынӡа ҭахеит Кабултәи отель ианақәлоз
14-ҩык рҟынӡа ҭахеит Кабултәи отель ианақәлоз

“Талибан” аибашьцәа Афганисҭантәи Intercontinental Hotel иақәлеит асабшаҽны. Ақәылараан иҭахеит 14-ҩык атәымтә тәылауааи ҧшьык аҭыҧантәи анхацәеи ҳәа аанацҳауеит ателеканал ВВС.

18-сааҭ инарзынаԥшуа ицон ақәылара. Ақәылара ахахьы иагеит арадикалтә еиҿкаара “Талибан”.

Ақәылаҩцәа Intercontinental Hotel иақәлеит асабша ахәылбыҽха. Реиқәырхара рылшеит 126-ҩык ауааԥсыра. Уажәтәи аамҭазы амцарцәаҩцәа амца арцәара иаҿуп.