Гьаргь Гахариа - Анеҩстәи ашықәс анҵәамҭанӡа „Қарҭли Текстиль“ аҿы 4 000ҩык раҟара Русҭави инхо ауааҧсыра аусура иалагоит
Аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа раҧҵара мацара акәымкәа, уажәазы иҟоу аусуратә ҭыҧқәа рыхьчарагьы Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу ҳасабтәуп, – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Русҭави, „Қарҭли Текстиль“ анаплакы ҿыц аартра ацеремониаҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, анеҩстәи ашықәс анҵәамҭанӡа абри анаплакы аҿы аусура иалагоит 4 000ҩык раҟара Русҭави инхо ауааҧсыра.
„Анаплакы ҧшьымз рыла идыргылеит. Ҧхынгәы азы, абра ҳаныҟаз, адунеи аҿы глобалтә пандемиа ашыкьымҭа иҟан, усҟан, ҳареи аинвесторцәеи, аекономика аминистрра апрограмма „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ“ ахархәара ала, абри апроект ҧшьымз рыла ахыркәшара ҳаӡбеит, ҧшьымз рышьҭахь, ашықәс анҵәамҭанӡа Русҭави ауааҧсыра абра аусура иалагароуп ҳәа ҳҳәеит, иахьа ари аус наҳагӡеит. Ҳәарада, раҧхьа иргыланы, сара, абри анаплакы аҿы аусура иалаго ауааҧсыра ирыдысныҳәалар сҭахуп, иара убас, аинвесторцәеи, „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ“ агәыҧи ирыдысныҳәалоит, избанзар дара иуадаҩӡоу аҭагылазаашьаҿы ари апроект ахыркәшара рылшеит. Ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаароуп иахьа абизнесгьы аинвесторцәагьы рахь даҽа азнеишьак ҳамазароуп, избанзар иахьазы аусуратә ҭыҧ цыҧхьаӡа атәылазы иаҵанакәа рацәоуп. Ҳара аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа раҧҵара мацара акәымкәа, уажәраанӡа иҟаз аусуратә ҭыҧқәа рыхьчарагьы ҳазҿлымҳауп, убри ауп иахьазы Қырҭтәыла аиҳабыра ахадаратә ҳасабтәс ирымоу. Убри аҟынтә, сара аинвесторцәеи, „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ“ агәыҧи абри апроект азы ҭабуп ҳәа расҳәоит. „Қарҭли Текстиль“ – аинвесторцәа инарыгӡо апроект ду „Аҷара Текстиль“ анагӡара ауп. Уи Қырҭтәыла атерриториаҿы аҧшьбатәи наплакуп. Анеҩстәи ашықәс анҵәамҭазы аҵыхәтәантәи алҵшәа ҳауеит, абри анаплакы аҿы аусура иалагоит 4 нызқьҩык раҟара Русҭави инхо ауааҧсыра. Ҳара абри аҩыза аинвесторцәеи абри аҩыза анаплакқәа раартреи ҳацхраароуп“, – иҳәеит Гьаргь Гахариа.