«Ииашоу алхрақәа» рнапхгаҩы абжьқәа еицтәароу рыԥхьаӡараан аиагшамрақәа зыхҟьаз аилкаа ҟалҵеит
«Ииашоу алхрақәа» рнапхгаҩы абжьқәа еицтәароу рыԥхьаӡараан аиагшамрақәа зыхҟьаз аилкаа ҟалҵеит

«Ииашоу алхрақәа» рнапхгаҩы Елене Нижараӡе абжьқәа еицтәароу рыԥхьаӡараан аиагшамрақәа зыхҟьаз аилкаа ҟалҵеит. Нижараӡе лажәақәа рыла, иԥхьаӡан зымч цахьоу абиуллетенқәа. Ари атәы Нижараӡе Актәи аканал аефир аҿы аалыцҳаит.

Аҩнуҵҟатәи аудит «Ииашоу алхрақәа» ирымоу астандарт иашьашәалоуп, уи алхрақәа зегь раан мҩаԥыргоит.

«Аҩнуҵҟатәи аудит сынтәагьы мҩаԥган. Замҽхак ҭбаау, аетапқәак рыла ишьақәгылоу аудит мҩаԥаагоит. Абжьқәа рыԥхьаӡараан иҟаз аграқәа зегьы ааҳарԥшуеит», – илҳәеит Нижараӡе.

Лажәақәа рыла, аграла ма уа ада, апартиақәа рмандатқәа хыԥхьаӡара ԥсаххом, аха еиҿкаараҿ иаадырԥшыз агха ауааԥсыра ирарҳәарц акәын.

«Ҳгәы шаанаго ала, анапхгаратә партиа алхрақәа раан иҟаз аилагарақәа ауааԥсыра ирымьарц азы, ҳара иҳамаз агхазы ақәыӷәӷәара ҟанаҵоит,»   – илҳәеит «Ииашоу алхрақәа» рнапхгаҩы.

Ацентртә алхратә комиссиа ацыхәтәантәи дыррақәа рыла, «Ақырҭуа гәахәтәы» абжьқәа 48.22% аиуит. «Ииашоу алхрақәа» иацы ицәырнагаз адыррақәа рыла, «Ақырҭуа гәахәтәы»  абжьқәа амаксималтә рпроцент 48,3% иаҟароуп, аминималтә – 46,9%.