«Ақырҭуа демократиазы амш еиқәаҵәа ааит. Қырҭтәыла апарламент аурыс стиль змоу «Атәым агентцәа ирызку» азакәан ахьаднакылаз, хагәқәа еихшәеит», — иануп 11-ҩык асенаторцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.
«Абжьыҭира ақырҭуаа рыҿагылара иахәамԥшыкәа мҩаԥган, ауаа Қырҭтәыла адемократиа аҿиара иаԥырхагахо азакәан аганахьала аҭынч протест нарыгӡоит. Ари азакәан Қырҭтәылеи ЕАШ_и Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа аԥхасҭа рзаанагоит. Ақырҭуа демократиазы амш еиқәаҵәа ааит. Қырҭтәыла апарламент аурыс стиль змоу «Атәым агентцәа ирызку» азакәан ахьаднакылаз, хагәқәа еихшәеит», — иануп 11-ҩык асенаторцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.
Асенаторцәа ишаарыцҳаз ала, ЕАШ аполитика аԥсахра асанкциақәи, авизатә ақәиҭмтәрақәеи, ЕАШ ишиашоу ацхыраара аиҭахәаԥшреи иахылҵыр ҟалап.