100 лари ицо акупиурақәа рҧаршеира афакт азы аӡәы даанкылоуп
100 лари ицо акупиурақәа рҧаршеира афакт азы аӡәы даанкылоуп

Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра аусеилыргаратә маҵзура аусзуҩцәа,  аоператив-аҧшааратәи аусеилыргартәи уснагӡатәқәа мҩаҧганы,  аҧара ҧаршеи аҭиира афакт азы аӡәы дааныркылеит.

«Аусеилыргараан  ишеилкаахаз ала,  зыӡбахәы ҳәоу ауаҩҧсы,  закәандарала ахашәала аиура амзызла,  Қарҭ,  иҩнаҿы,   100 лари ицо акупиура ҧаршеиқәа ҟаҵаны,  ахәаахәҭратә аҳаҿы ихы иаирхәон.

Аусеилыргаратә уснагӡатәқәа раан иара иҩнаҿы ирбеит 100 лари ицо 8 купиура ҧаршеиқәеи,  аҧара ҧаршеи аҟаҵара иазку  акомпутертә техникеи.

Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы  4 инаркны   7 шықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп», — иануп аинформациаҿы.